Апрокуратура Паата Бурҷулаӡеи, Мурҭаз Зоделавеи, Иракли Надираӡеи, Паата Манџьгалаӡеи,  Лаша Бериӡеи аофициалла ахара рықәнаҵеит
Апрокуратура Паата Бурҷулаӡеи, Мурҭаз Зоделавеи, Иракли Надираӡеи, Паата Манџьгалаӡеи,  Лаша Бериӡеи аофициалла ахара рықәнаҵеит

Қырҭтәыла апрокуратура Паата Бурҷулаӡеи, Мурҭаз Зоделавеи, Иракли Надираӡеи, Паата Манџьгалаӡеи,  Лаша Бериӡеи аофициалла ахара рықәнаҵеит амчыларатә гәыԥқәа реиҿкаареи, рнапхгараҭареи, астратегиатә, азкра ҷыда змоу ахыбра анапаҿы аагара аҽазышәареи, мчыла Қырҭтәыла аконституциатә еиҿкаара аԥсахреи аҳәынҭқарратә мчра ақәгареи ирызку ааԥхьара аҟаҵареи рзы.

Абрифинг аҿы ишазгәаҭаз ала, АҩАР имҩаԥнаго аусԥшаара аан ишеилкаахаз ала, алхрақәа мышқәак шагыз Паата Бурҷулаӡеи, Мурҭаз Зоделавеи, Иракли Надираӡеи, Паата Манџьҕалаӡеи,  Лаша Бериӡеи мчыла Қырҭтәыла аконституциатә еиҿкаара аԥсахреи аҳәынҭқарратә мчра ақәгареи ирызкны ааԥхьарақәа ҟарҵон.

“Аусԥшаара аан ишеилкаазах ала, жьҭаара 4 рзы Паата Бурҷулаӡеи, Мурҭаз Зоделавеи, Иракли Надираӡеи, Паата Манџьгалаӡеи,  Лаша Бериӡеи амчыларатә гәыԥқәа реиҿкаареи урҭ рнапхгараҭареи ирызку аҳәамҭақәа аихқәа рҿаԥхьа ҟарҵеит.

Ахақәиҭра ашҭаҿ Паата Бурҷулаӡе еизаз ауааԥсыра ауснагӡатә план рыдигалеит. Аплан иалан аиҳабыра ахаҭарнакцәа раанкылареи, астратегиатә, азкра ҷыдақәа змоу ахыбрақәа анапаҿы аагареи.

Аплан ацәыргара ашьҭахь, зыӡбахә ҳәоу ахаҿқәа Ахақәиҭра ашҭантә Қырҭтәыла ахада ирезиденциахь ииасын, Аҭонели имҩаҿ иҟоу Қырҭтәыла ахада ирезиденциа иақәлеит. Акциа алахәылацәа азакәанхьчаҩцәа ахаҳәқәа иргәыдырҵеит,  Ахада ихан аԥхьа амаҭәахәқәа ирблит.

Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра ахаҭарнакцәа Паата Бурҷулаӡеи, Мурҭаз Зоделавеи, Иракли Надираӡеи, Паата Манџьгалаӡеи,  Лаша Бериӡеи ааныркылеит.

Паата Бурҷулаӡеи, Мурҭаз Зоделавеи, Иракли Надираӡеи ахара рықәуп Қырҭтәыла ашьауӷа закәанеидкыла 19-222-тәи ахәҭаҷ аҩбатәи ахәҭа «а» аупнкти (еиҿкаау агәыԥ алахәылацәа рыла астратегиатә, азкра ҷыда змоу ахыбра аанкылареи аанкылара рҽазышәареи), иара убас 225-тәи ахәҭаҷ актәи ахәҭеи  (агәыԥтә амчылара аиҿкаареи анапхгараҭареи), 317-ти ахәҭеи ( Қырҭтәыла аконституциатә еиҿкаара аԥсахреи аҳәынҭқарратә мчра ақәгареи ирызку ааԥхьара аҟаҵареи) инақәыршәаны. Зыӡбахәы ҳәоу ацәгьауразы 9 шықәсанӡа аҭакра иазҧхьагәаҭоуп.

Лаша Бериӡе ахара иқәуп Қырҭтәыла ашьауӷа закәанеидкыла 19-222-тәи ахәҭаҷ аҩбатәи ахәҭа «а» аупнкти (еиҿкаау агәыԥ алахәылацәа рыла астратегиатә, азкра ҷыда змоу ахыбра аанкылареи аанкылара рҽазышәареи), иара убас 225-тәи ахәҭаҷ актәи ахәҭеи  (агәыԥтә амчылара аиҿкаареи анапхгараҭареи). Зыӡбахәы ҳәоу ацәгьауразы 9 шықәсанӡа аҭакра иазҧхьагәаҭоуп.

Паата Манџьҕалаӡе ахара иқәуп Қырҭтәыла ашьауӷа закәанеидкыла 225-тәи ахәҭаҷ актәи ахәҭа (агәыԥтә амчылара аиҿкаареи анапхгараҭареи) инақәыршәаны. Зыӡбахәы ҳәоу ацәгьауразы 9 шықәсанӡа аҭакра иазҧхьагәаҭоуп”, – иануп аҳәамҭа аҿы.