Прага имҩа́ԥысуа GLOBSEC аҳәаақәа ирҭагӡаны, Қырҭтәыла ԥасатәи ахада Саломе Зурабишвилии Чехие ахада Пиотр Павели Франциа Европа азҵаарақәа рзы аминистр Бенџьамин Хаддади Қырҭтәыла иҟоу аҭагылазаашьа иахцәажәеит, – аанацҳаит Саломе Зурабишвили лпрессмаҵзура.
Апрессмаҵзура аинформациа ала, аиԥылараан Саломе Зурабишвили “Қырҭтәыла аҭыԥ змоу аполитикатә хҭысқәеи, “Ақырҭуа гахәтәы” имҩаԥнаго амассатә репрессиақәеи, “Ақырҭуа гәахәтәы” аполитикатә курси дрыхцәажәеит.