«Аҧхын зегьы мышкала» —  Актәи аканал аҟынтә Ахәыҷтәы фестиваль ду Баҭым ақалақьаҿ
«Аҧхын зегьы мышкала» —  Актәи аканал аҟынтә Ахәыҷтәы фестиваль ду Баҭым ақалақьаҿ

«Аҧхын зегьы мышкала» —  Актәи аканал аҟынтә Ахәыҷтәы фестиваль ду Баҭым ақалақьаҿ. Ҧхынгәы 22 асааҭ 12:00 инаркны амшын аҟәараҿы ишьҭоу ақалақь ауааҧсыреи асасцәеи аинтерес ду зҵоу ауснагӡатәқәа рхы рыладырхәыр рылшоит.

Афестиваль аалыртуеит Қырҭтәыла Ауаажәларратә дырраҭара агенералтә директор Ҭинаҭин Берӡенишвили.

«Ауаажәларратә дыррааҭара ҳасабтәс иамоуп қәрала еиуеиҧшым ахәаҧшцәа ринтересқәа рынагӡара. Абарҭ ахықәкқәа иреиуп  иқәыҧшу аҟазаҩцәеи амедиааалыҵ аҧҵаҩцәеи иаҳа ирацәаны алшарақәа рзеиқәыршәареи ахәаҧшцәа еснагь ирҿыцу апрограммақәа рыдгалареи — илҳәеит Қырҭтәыла Актәи аканал агенералтә директор Ҭинаҭин Берӡенишвили.

Афестиваль хықәкыс иамоуп ахәыҷқәа рыгәҭа ашәҟәаҧхьара аӡыргареи, аҧсшьараҭыҧқәа рҿы ашәҟәаҧхьара акультура арҿиареи, арккаратә даҽа платформак аиҿкаареи.