Аҧсабаратә лагылазаара ахьчара амилаҭтә агентра – Цәыббра  9 инаркны аҳауа атемпература лаҟәхоит, ашьхаҳаракыратә регионқәа рҿы асы леир ҟалап
Аҧсабаратә лагылазаара ахьчара амилаҭтә агентра – Цәыббра  9 инаркны аҳауа атемпература лаҟәхоит, ашьхаҳаракыратә регионқәа рҿы асы леир ҟалап

Аҧсабаратә лагылазаара ахьчара амилаҭтә агентра  адыррала,  цәыббра  9 инаркны аҳауа атемпература лаҟәхоит.

«Цәыббра  7 шьыбжьашьҭахь инаркны,  Аҷареи,  Раҷа-Лечхумии, Гуриеи, Имереҭии,  Самцхе-Џьавахеҭии, Мцхеҭа-Мҭианеҭии,  Кахеҭии ақәоурацәгьеи, адыди, акырци иазыҧшуп.

Цәыббра 8 рзы алышәшәақәа маҷхоит.  Амшынаҿ  3-4 балл ашторм ҟалар ауеит.

Цәыббра  9 инаркны аҳауа атемпература лаҟәхоит, ашьхаҳаракыратә регионқәа рҿы асы леир ҟалап.

Ақәоура амшала Қырҭтәыла аӡиас хәыҷқәа хыҵыр ауеит, ашьхаҳаракыратә регионқәа рҿы адгьылҳәазара ашәарҭара цәырҵуеит