Аҧсабаратә лагылазаара ахьчара амилаҭтә агентра иааиуа амшқәа рзы Қырҭтәыла амш зеиҧшрахо азы аинформациа аланарҵәеит.
Аҳауагәаҭаҩцәа рдыррақәа рыла, жәабран 26 инаркны хәажәкыра 1-нӡа Қырҭтәыла ақәа ауеит, аҧша асуеит, амшынаҿ ашторм ҟалоит, ашьхаҳаракыратә арионқәа рҿы асы леиуеит.
Амҩатә цыҧҵәахақәак рҿы аҧкрақәа шьақәдыргылар ауеит. Алышәшәақәа рацәа рымшала аӡиасқәа рҿы аӡы аҩаӡара шьҭыҵыр ауеит, ашьхараҿы адгьылҳәазаратә процессқәа ралагара ашәарҭара иҟоуп.