Аҧсабаратә лагылазаара ахьчара амилаҭтә агентра адыррақәа рыла, ажьырныҳәа  24-нӡа  Қырҭтәыла хьшәашәарахоит 
Аҧсабаратә лагылазаара ахьчара амилаҭтә агентра адыррақәа рыла, ажьырныҳәа  24-нӡа  Қырҭтәыла хьшәашәарахоит 

Аҧсабаратә лагылазаара ахьчара амилаҭтә агентра ажьырныҳәа  21–23 рзы атәылаҿ амш зеиҧшрахо иазкны аинформациа аланарҵәеит.

Агентра адыррақәа рыла, ажьырныҳәа  24-нӡа  Қырҭтәыла хьшәашәарахоит.

«Қарҭ алышәшәақәа леиуам. Ҵхыбжьон  -2…-6 °C хьшәашәарахоит. Шьыбжьон аҳауа атемпература шьҭыҵуеит  +2…+6 °C аҟынӡа.

Аҟәара иаҧну арегионқәа рҿы  (Баҭым, Қобулеҭи,  Анаклиа,  Ҧуҭ) алышәшәақәа леиуеит. Ҵхыбжьон  —  +1…+3 °C, шьыбжьон  +8…+10 градус ҟалоит.

Ашьхаҳаракыратә раионқәа рҿы асы леиуеит. Ҵхыбжьон  -8…-13 °C хьшәашәарахоит, шьыбжьон -3…+2 градус ҟалоит.