Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Франциа ахада Еммануел Макрон диҧылеит 
Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Франциа ахада Еммануел Макрон диҧылеит 

Евроеидгыла алаларазы Қырҭтәыла аперспектива анашьара иазку Европатәи ахеилак аӡбареи  ҩ-тәылак рпартниортә еизыҟазаашьақәеи ирылацәажәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвилии Франциа ахада Еммануел Макрони реиҧылараҿы. Аиҧылараҿы иаҵшьны иазгәаҭан Евроеидгыла ахеилак аҿы ахантәаҩра змоу Франциа ароли Қырҭтәыла евроинтеграциа апроцесс аҿы Франциа аҟынтә адгылара аҵаки. 

Аҧыза-министр Франциа ахада ҭабуп ҳәа иеиҳәеит Қырҭтәыла ахьыҧшымреи, аҵакырадгьылтә акзаареи, европатәи евроатлантикатәи ҽазышәарақәеи рыдгыларазы. 

Аиҧылараҿы хшыҩзышьҭра азун ҩ-ганктәи, иара убас, аганрацәалатәи форматқәа рҿы Қырҭтәылеи Франциеи русеицура адинамика бзиа. Аганқәа рхаҭарнакцәа аусеицура арҭбаара ишазыхиоу азгәарҭеит.

Иракли Ҕарибашвили Еммануел Макрон Қырҭтәылаҟа дааиҧхьеит.