Апатриархиа – Евроеидгылантә Қырҭтәыла иаиуз аҵыхәтәантәи абжьагарақәа ақырҭуа жәлари Аиашахаҵаратә уахәамеи даараӡа иаргәамҵуеит
«Евроеидгылантә Қырҭтәыла иаиуз аҵыхәтәантәи абжьагарақәа ақырҭуа жәлари Аиашахаҵаратә уахәамеи даараӡа иаргәамҵуеит», — иануп Апатриархиа аҳәамҭаҿы.
Аҳәамҭа ишану ала, дара аҭаацәаратә принципқәеи ЛГБТ пропаганда ақәиҭымтәреи ирызку азакәанқәа раҧыхразы иҟаҵоу абжьагарақәа роуп излацәажәо.
«Абри аҩыза азнеишьа акыршықәса ирылагӡаны Евроеидгыла атәылақәа рхаҭарнакцәеи адипломатцәеи Қырҭтәыла Аиашахаҵаратә уахәама ахаҭарнакцәа ианырҧылоз излацәажәоз апринципқәеи иҟарҵоз аҳәамҭақәеи ирышьашәалам. Дара еснагь иаҵшьны иазгәарҭон европатәи аструктурақәа рахь Қырҭтәыла аинтеграциа апроцесс итрадициатәым аҧсҭазаашьа ишадҳәалам.
Қырҭтәыла Акаталикос-Патриарх Илиа II ианиҧылоз (иашьашәалоу анҵамҭақәагьы иҟоуп) еснагь еилыкка иазгәаҭан ақырҭуа жәлар ақьырсиантәи атрадициатә ҭаацәаратәи принципқәа рыхьчара шырҭаху. Иара убас, дара еснагь иазгәарҭон европатәи аструктурақәа ралалара апроцесаан ҳтрадициақәа еилазго аҳәарақәа шықәыдмыргыло.
Апатриарх Илиа II изныкымкәа иазгәеиҭахьан Анцәа иҭахра иаҿагыло апринципқәа рыла европатәи аструтурақәа ралалара шыҟамло. Убри аҟынтә, аҿар ЛГБТ пропаганда аҟынтә изыхьчо азакәан аҧыхразы иҟарҵаз аҳәара ҳгәы ҳнархьит, избанзар ари аҳәара ақьырсиантә ашьаҭақәа ирышьашәалам, иара убас, апартниортә тәылақәа ҿырҳәалагьы аҩыралагьы иҟарҵоз ақәыргәыҕрақәа ирышьашәалам.
Ианаамҭазы, Анцәа дхазҵо ақырҭуа жәлар аҭаацәаратә принципқәа рыхьчареи ЛГБТ апропаганда аҟынтә аҿар рыхьчареи иазкыз азакәанқәа ибзианы ирыдыркылеит, усҟан Ауахәама атәыла анапхгара иаҭабуун. Иахьагьы, уажәтәи аҭагылазаашьаҿы, Анцәа зхазҵо ауаа арҭ азакәанқәа изҩыдоу ауаажәларратә ҧсҭазаашьа иашьашәалоуп ҳәа ргәы иаанагоит.
Рыцҳарас иҟалаз, Евроеидгыла иҟанаҵаз аҵыхәтәантәи абжьагарақәа аҭаацәаратә традициақәа рыхьчареи ЛГБТ апропаганда аҟынтә аҿар рыхьчареи иаҿагылоит, егьи аганахьала, Европа ахырхарҭала атәыла ацара иаҧырхагоуп, убри аҟынтә, Қырҭтәыла ауааҧсыра рыхәҭак ргәы каҳаны иҟоуп», — иануп Апатриархиа аҳәамҭаҿы.