Апатриархиа - Аныхачаԥа ашәыга ақәҭәара ақәҿымҭра аҳамҭар, абри еиԥш ахымҩаԥгашьа ҳарҽхәоит ҳәа иԥхьаӡахоит
Апатриархиа - Аныхачаԥа ашәыга ақәҭәара ақәҿымҭра аҳамҭар, абри еиԥш ахымҩаԥгашьа ҳарҽхәоит ҳәа иԥхьаӡахоит

Жәларбжьаратәи азинхьчаратәи аиҿкаарақәеи адипкорпус ахаҭарнакцәеи акгьы ахьырымҳәо, Қырҭтәыла ақьырсиантә ҵасқәа рыхьчаразы иҟарҵахьаз аҳәамҭақәа ирыдҳәаланы азҵаарақәа цәырҵуеит,  – иануп апатриархиа иаланарҵәаз аҳәамҭа аҿы.

Апатриархиа аҳәамҭаҿ ишану ала, аныхачаԥа ашәыга ақәҭәара анцәахаҵаҩцәа агәыԥжәара
рызнарҵысит, аха апротест аҭынч форма амазароуп.

Аҳәамҭаҿ ишану ала, арелигиатә ҟазшьала аҳаҭыр аларҟәра иазку азакәан аҿы арелигиатә аиҿкаарақәа еилкаа иарбазароуп.

“Самеба аныхабааҿ ишьҭоу Матрона ацқьа лныхачаҧа  аныхаҩыра аканоникатә пҟарақәа инрықәыршәаны иаԥҵамызт, ари афакт анаарԥшза ашьҭахь, аныхачаԥа аканоникатә ԥҟарақәа  инрықәыршәаны арҽеира апатриарха  ахахьы иагеит. Ари иаарԥшын Апатриархиа аҳәамҭаҿы, ари аҳәамҭа иадҳәаланы анцәаимаҵзуҩы иқәылара иакәым усуп ҳәа иҳаԥхьаӡоит”, – иануп Қырҭтәыла апатриархиа аланарҵәаз аҳәамҭа аҿы.