Илиа аҩбатәи адиаспора ахаҭарнакцәа рахь ахырхара ҟаиҵеит
Илиа аҩбатәи адиаспора ахаҭарнакцәа рахь ахырхара ҟаиҵеит

Қырҭтәыла апатриархиа адиаспора ахаҭарнакцәа рахь Қырҭтәыла акатоликос-патриарх Илиа аҩбатәи адиаспора ихазырхара аланарҵәеит.

„Иахьа, Қырҭтәыла ахьыԥшымоа аныҳәа аҳәаақәа ирҭагӡаны, ауааԥсыра рыбжьара шәганахьала абзиабара ду шыҟоу иубарҭоуп, избан акәзар шәара иузеиҟәымҭхуа ҳахәҭа шәоуп, ҳхьа, ҳхәыцра шәоуп, ҳгәахәтәы шәоуп. Аха, аҳәаанырцә шәахьыҟоу шәыхшара, ҳабиԥара ҿыц, ақырҭуа бызшәеи ақырҭуа доуҳаи, ҳҵасқәеи, ҳтрадициақәеи рыхьчара шәылшеит. Аҳәаанырцә иҟоу Қырҭтәыла аиашахаҵаратә уахәамагьы ари аус аҿы шәацхраауеит, аха аҭаацәа рроль аҵак ду амоуп“, – иануп апатриархиа аланарҵәаз аҳәамҭа аҿы.