Иракли Ӷарибашвили - Ҳара иаҳуалуп, раԥхьаӡа иргыланы, ҳтәыла аиқәырхара азхәыцреи атәылауаа рыхьчареи
Иракли Ӷарибашвили - Ҳара иаҳуалуп, раԥхьаӡа иргыланы, ҳтәыла аиқәырхара азхәыцреи атәылауаа рыхьчареи

Иаку, европатәи атип змоу аҳәынҭқарра ашьақәыргыларазы атәыла акзаара аҭахуп, уи ада хтәыла ишаҳҭаху еиԥш иҿиаауам, – иҳәеит Қырҭтәыла аԥыза-министр Ираакли Ӷарибашвили Адиаспора амш инамаданы имҩаԥгаз ауснагӡатә аҿы данықәгылоз.

Аиҳабыра рнапзгаҩы анапхгара аҵыхәтәантәи 10 шықәса ирылагӡаны амаз ақәҿиарақәа дрыхцәажәеит.

„ Аҵыхәтәынтәи 30 шықәса ҳрыхәаԥшыр, ҳтәыла еснагь еилаҩынтуан, аимакқәа иҟан, аибашьрақәа, атерриториақәа иаҳцәыҿит. Ҳара анапхгарахь ҳанааи ашьҭахь, Биӡина Иванишвилии “Ақырҭуа гәахәтәы” рнапхгараҭараан, Қырҭтәыла адгьыл ҽыҭгьы амцәыӡит, аимакгьы ҟамлеит. Ҳара аҭынчра ахьчара ҳалшеит, аҭышәынтәалара шьақәҳаргылеит,” – иҳәеит Ӷарибашвили.

Аԥыза-министр иажәақәа рыла, иахьа даара ицәгьоу аамҭоуп, адунеи аҿы ицәгьоу агеополитикатә ҭагылазаашьа шьақәгылеит.