Апартиа "Иаку амилаҭтә ҵысра" ахаҭарнакцәа Михаил Саакашвили ашьауҕа иқәхра аҳәарала акциа мҩаҧыргеит
Апартиа "Иаку амилаҭтә ҵысра" ахаҭарнакцәа Михаил Саакашвили ашьауҕа иқәхра аҳәарала акциа мҩаҧыргеит

Апартиа “Иаку амилаҭтә ҵысра” ахаҭарнакцәа Михаил Саакашвили ашьауҕа иқәхра аҳәарала акциа мҩаҧыргеит.

Акциа алахәылацәа ишырҳәаз ала,  Саломе Зурабишвили аполитикатә аинааларазы крызҵазкәа ашьаҿа ҟалҵар лылшоит.

Акциа алахәылацәа рҿаҧхьа иқәгылеит апартиа алидерцәа.

Гьаргь Барамиӡе ишиҳәаз ала, иахьазы Биӡина Иванишвилии Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзуреи роуп зегь зыӡбо.

«Саломе Зурабишвили лахь апретензиақәа сымам. Абри атәылаҿы лареи аӡбарҭеи ракәӡам аӡбарақәа здызкыло. Биӡина Иванишвилии Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзуреи роуп зегь зыӡбо», — иҳәеит Барамиӡе.

Аха,  «Иаку амилаҭтә ҵысра» егьи алахәыла Заал Удумашвили ишиҳәаз, ала, Саломе Зурабишвили аҳәынҭқарратә хәыцшьа лымоуп, Саакашвили ихақәиҭтәра амеханизм лнапаҿы иҟоуп, лара уи лхы иалырхәароуп.

«Уажәазы ҳасабтәк ауп иҳамоу  —   Михаила Саакашвили ихақәиҭтәра. Лара аҳәынҭқарратә интересқәа дрызхәыцуазар, аполитикатә кризис алҵра дазҽлымҳазар, лнапаҿы иҟоу амеханизм лхы иалырхәароуп», — иҳәеит Заал Удумашвили.