Апарлемнттә делегациа Нато апарламенттә ассамблеиа аԥхынтәи асессиа еилатәарақәа онлан рхы аладырхәоит
Апарлемнттә делегациа Нато апарламенттә ассамблеиа аԥхынтәи асессиа еилатәарақәа онлан рхы аладырхәоит

Швециа аԥшьгарала, лаҵара 14-17 рзы Нато апарламенттә ассамблеиа аԥхынтәи асессиа онлан мҩаԥгахоит.

Қырҭтәыла апарламент апрессмаҵзура аинформациа ала, асессиа иалахуп Иракли Бераиа дызгахыло Қырҭтәыла апарламент аделегациа. Асессиа аартра аҽны жәала дықәгылеит ассамблеиа ахада, америкатәи акрнгрессмен Џьеральд Коноли, уи Қырҭтәылеи Украинеи рганахьала Урыстәыла имҩаԥнаго агрессиа дахцәажәеит.
Аконгрессмен иажәақәа рыла, Нато Урыстәыла аимпыҵахалара аҿагылара нанагӡароуп, Қырҭтәыла ахьыԥшымреи атерриториатә акзаареи рыдгылара нанагӡароуп. Қырҭтәыла имҩаԥысуа аполитикатә процессқәа ирыдҳәаланы аконгрессмен ишазгәеиҭаз ала, аполитикатә кризис аҭыԥқәҵара аганахьала Қырҭтәыла иҟоу апрогресс дадгылоит.

Иара убас уи Алианс «иаарту ашқәа» аполитика дахцәажәан, Нато асаммит иадҳәаланы Қырҭтәылеи Украинеи азыԥшра дуқәа рымоуп.