Апарламент ахыбра аҧхьа азинхьчаҩцәеи акциа алахәылацәеи еиҿагылеит, џьоукы аанкылоуп
Апарламент ахыбра аҧхьа азинхьчаҩцәеи акциа алахәылацәеи еиҿагылеит, џьоукы аанкылоуп

Русҭавели имҩадуаҿ, апарламент ахыбра аҧхьа, азинхьчаҩцәеи акциа алахәылацәеи еиҿагылеит, џьоукы аанкылоуп.

Апатрультә полициа адепартамент адиректор ихаҭыҧуаҩ Серги Бзишвили иҳәамаҭала, азинхьчаҩцәа ауаа ирыҳәеит амашьынамҩа ианыҵырҭ.

„Амашьынамҩа аркра рҽазыркит, аполицаицәа рыҳәара нарымгӡеит. Џьоукы аполицаицәа цәгьала ирацәҳаит. Убри аҟынтә, административтә ҧҟарала иаанкылоуп“,- иҳәеит Серги Бзишвили.