Аолимпиатә хәмаррақәа аҽалархәразы Урыстәыла ахьӡ ҿыц ахырыԥщааит

Токиои Пекини имҩаԥысран иҟоу аолимпиадақәа Урыстәыла ахатә хьӡыла аҽалархәра алшом. Жәларбжьаратәи аолимпиатә комитет аӡбамҭа инақәыршәаны, урыстәылатәи атлетцәа рыхьӡқәа рывара ROC  – Урыстәыла аолимпиатә комитет ҳәа анырҵоит.