Анналена Бербок – Ҳара лабҿаба иаабоит атәыла европатәи ахырхарҭантә ишынаскьо, свизитаан еилыккаа исҳәар сҭахуп Германтәыла Қырҭтәыла европатәи аперспектива ишадгыло
Анналена Бербок – Ҳара лабҿаба иаабоит атәыла европатәи ахырхарҭантә ишынаскьо, свизитаан еилыккаа исҳәар сҭахуп Германтәыла Қырҭтәыла европатәи аперспектива ишадгыло

 Германтәыла ацҳаражәҳәарҭа  Анналена Бербок Қырҭтәыла лвизит иадҳәаланы аинформациа аланарҵәеит.

Аусбарҭа адыррала, авизитаан Германтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Қырҭтәыла аиҳабыреи ахада Саломе Зурабишвилии дырҧылоит.

«Қырҭтәыла,  Урыстәыла Украина имҩаҧнаго агрессиатә аибашьра иадҳәаланы апозициа ҕәҕәа аанарҧшит. Қырҭтәыла ауааҧсыра реиҳара Евроеидгыла алалара иазҿлымҳауп. Аҭҵаарақәа инрықәыршәаны, атәыла ауааҧсыра  80% ртәыла Евроеидгыла иалалар рҭахуп», — иануп Германтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҳәамҭаҿы.

Иара убас,   Анналена Бербок, Қырҭтәылаҟа ддәықәлаанӡа лвизит дахцәажәеит.

«Қырҭтәыла ауааҧсыра Евроеидгыла иалалар шырҭаху аадырҧшит. Аҵыхәтәантәи амчыбжьқәа рзы дара Евроеидгыла абираҟ кны адәахьы идәылҵуан, азакәан аиҳаӡареи аплиурализми ахьчаразы адемонстрациақәа мҩаҧыргон.  Свизитаан еилыккаа исҳәоит Германтәыла Қырҭтәыла европатәи аперспектива ишадгыло.  Ари атәыла европатәи ахырхарҭантә анаскьагара аҽазкра шыҟоу аабоит.  Атәыла ишақәыҕәҕәо аабоит.  Сара Қырҭтәыла анапхгара срацәажәоит, акандидат астатус аиуразы иҵегьы иҟаҵатәу ҳалацәажәоит.  Лымкаала – адемократиатә стандартқәа рықәныҟәареи, АИХқәа рхақәиҭреи, активтә атәылауаҩратә уаажәларреи, патуеиқәҵара апринцип ашьаҭала иаарту адебатқәа рымҩаҧгареи.  Евроеидгылаҿ ҳара абарҭ апринципқәа роуп ҳаидызкыло, ҳара агәра ганы ҳаҟоуп: ари апроцессаҿ амҩа кьаҿ ма ахьаҵра зыҟалом», —  иануп  Анналены Бербок иҟалҵаз аҳәамҭаҿы.