Анджеи Дуда - Нато асаммит аҿы Украинеи, Қырҭтәылеи ҷыдалатәи азҿлымҳара рыҭатәуп
Анджеи Дуда - Нато асаммит аҿы Украинеи, Қырҭтәылеи ҷыдалатәи азҿлымҳара рыҭатәуп

Нато асаммит аҿы Украинеи, Қырҭтәылеи иҟоу аҭагылазаашьа ҷыдалатәи азҿлымҳара рыҭатәуп, – иҳәеит Польша ахада Анджеи Дуда Бухарест, Румыниа ахада Клаус Иоҳании иареи еицымҩаԥыргаз апрессконференциа аҿы.

Польша ахада иажәақәа рыла, Украинеи Қырҭтәылеи рызҵаара ашьаҭатәи ҵакы амоуп, убри аҟынтә мҩаԥгатәуп Нато-Украинеи Нато- Қырҭтәылеи ркомитетқәа реилатәарақәа.

Анджеи Дуда ишазгәеиҭаз, Румыниеи Польшеи иаҵшьны азгәарҭоит Украинеи, Молдовеи Қырҭтәлеи европатәи рперспективақәа.

“Арҭ атәылауа хара имгакәа, иаауа амчыбжьқәа рзы Евреоидгыла акандиадтцәа рстатус рыҭатәуп. Урҭ ацхыраар рыҭатәуп, ҷыдала ари аибашьра иахҟьаны аԥхасҭа ду змоу  Украина аиҭашьақәыргыларазы аҭахуп,” – иҳәеит Польша ахада.

Румыниа ахада ишазгәеиҭаз, Румыниеи Польшеи Украинеи, Қырҭтәылеи Молдовеи Евроеидгылахь ринтеграциа адгылоит.