Анатоли Бибилов иҳәамҭала, иара Аахыҵ Уаҧстәыла 2 референдумк рымҩаҧгара игәы иҭоуп
Анатоли Бибилов иҳәамҭала, иара Аахыҵ Уаҧстәыла 2 референдумк рымҩаҧгара игәы иҭоуп

Импыҵахалоу Цхинвалтәи арегион де-факто ахада  Анатоли Бибилов ишиҳәаз ала, Урыстәыла алаларазы «ареферендум» апроцедура мҩаҧыргаанӡа, Аахыҵ Уаҧстәыла анапхгара Иреиҳаӡоу аӡбара иадҵаалароуп.

Бибилов ари аҳәамҭа ҟаиҵеит «РИА Новости» аинтервиу анеиҭоз.

Бибилов ишиҳәаз ала, ареспубликаҿы 2 референдумк мҩаҧыргар ҟалап.

«Ҳара еилаҳкаароуп ишиашо Урыстәыла алалареи иаразнак Уаҧстәыла адлареи шыҟамло, уи закәан иашьашәалам. Аахыҵ Уаҧстәыла Урыстәыла ианалалак ашьҭахь ауп Уаҧстәыла адлара апроцессқәа ианалаго, убри аҟынтә 2 референдумк мҩаҧгатәуп», — иҳәеит  Бибилов.