Ампыҵахалатә режим ахаҭарнакцәа Дисеви ақыҭа иазааигәаны,  Қырҭтәыла атәылауаҩ закәандарала дааныркылеит
Ампыҵахалатә режим ахаҭарнакцәа Дисеви ақыҭа иазааигәаны,  Қырҭтәыла атәылауаҩ закәандарала дааныркылеит

Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура адыррала,  ампыҵахалатә режим ахаҭарнакцәа Дисеви ақыҭа иазааигәаны,  Қырҭтәыла атәылауаҩ Лаша  Хетерели закәандарала дааныркылеит.

Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура аинформациала, зыӡбахәы ҳәоу афакт иазкны адырра анроуҵәҟьа, зыҧшра ҟамҵакәа Ацәаҳәа ҷыда аус адыруит, жәларбжьаратәи апартниорцәеи Женеватәи адискуссиақәа реицхантәаҩцәеи адырра рырҭеит.

Закәандарала иаанкылоу Қырҭтәыла атәылауаҩ ирласӡаны ихақәиҭтәра амзызла амеханизмқәа зегьы ахархәара рыҭоуп.

Аинформациа ишану ала, Қырҭтәыла импыҵахалоу аҵакырадгьылаҿ  адеструктивтә ауранагӡаразы аҭак рыҧхықәуп ампыҵахалатә мчқәа.