Amnesty International - Қырҭтәыла аиҳабыра адемонстрантцәа рықәымчреи рыршәареи иаҟәыҵроуп
Қырҭтәыла аиҳабыра адемонстрантцәа рықәымчреи рыршәареи иаҟәыҵроуп, – иануп Amnesty International асоциалтә ҳаҿы аланарҵәаз аҳәамҭаҿ.
“Қырҭтәыла зехьынџьара имҩаԥысуа аиҳабыра рыҿагыларатә акциақәа рфон аҿы, аполициа аганахьала лассы-лассы иуаҳауеит аҳәса рганахьала аҭыԥ шамоу асексуалтә мчылареи изакәандароу аимадарақәеи. Қырҭтәыла аиҳабыра адемонстрантцәа рықәымчреи рыршәареи иаҟәыҵроуп”, – иануп Amnesty International аҳәамҭа аҿы.