Амиран Гамҟрелиӡе - Мшаҧы алагамҭа инаркны аиҭаҵразы аҧкрақәа реиҭахәаҧшра ҳалагар ҟалап
Ачымазарақәа рхылаҧшра амилаҭтә центр анапхгаҩы Амиран Гамҟрелиӡе ишиҳәаз ала, аиҭаҵразы ишьақәыргылоу аҧкра арҧсыҽра азҵаара атәылаҿы аепидемиологиатә ҭагылазаашьа иахьыҧшуп.
«Ҳара ҳакәӡам «акомменданттә сааҭ» зхәыцыз, уи апандемиа аларҵәара аанкыларазы иреиҕьу ахархәагақәа иреиуп. Автобусқәеи аметрои рҿы ауаа анырацәоуп, хымҧада асабрада шәҿазароуп. Акоменданттә сааҭ аҧыхра иазкны исҳәахьеит ҳара аепидемиологиатә ҭагылазаашьа ҳшацклаҧшуа, уажәазы аҭагылазаашьа цәгьам. Еиҭасҳәар сҭахуп, хәажәкыреи мшаҧи абас ҳазхысыр, лаҵаразы аҭагылазаашьа иҭышәынтәалахап ҳәа ҳгәыҕуеит. Мшаҧы алагамҭа инаркны аиҭаҵразы аҧкрақәа реиҭахәаҧшра ҳалагар ҟалап», — иҳәеит Амиран Гамҟрелиӡе.