Амиран Гамҟрелиӡе – Ҳара аҧкрақәа хырҩа рзуразы абжьагара ҳзыҟаҵом
Амиран Гамҟрелиӡе – Ҳара аҧкрақәа хырҩа рзуразы абжьагара ҳзыҟаҵом

 

 

Ачымазарақәа рхылаҧшра амилаҭтә центр адиректор Амиран Гамҟрелиӡе, акоронавирус иадҳәаланы атәылаҿы ишьақәыргылоу аҧкрақәа  хырҩа рзура дақәшаҳаҭым.

Амиран Гамҟрелиӡе игәаанагарала,  атәылаҿы аҭагылазаашьа хәыҷык иҭышәынтәалахеит, аха, арҭ алҵшәақәа шьақәырҕәҕәатәуп.

«Иахьа Ачымазарақәа рхылаҧшра амилаҭтә центр ахатә абжьагарақәа цәырнагеит. Ҳара иаҳа арадикалтә позициа ҳадгылоит. Ҳара аҧкрақәа хырҩа рзура ҳақәшаҳаҭым. Атәылаҿы аҭышәынтәалара аелементқәа цәырҵит, абри зегьы аӡы иаҳҭар ҟалом.  Есымша  2000–3000 афактқәа Қырҭтәылазы даараӡа ирацәоуп, агәабзиарахьчара асектор абри аҩыза ақәыҕәҕәара изахнагом. Амедперсонал даараӡа иааҧсеит. Ишыжәдыруа ала, есымша  30 – 40ҩык ачымазаҩцәа иҧсуеит, 50ҩык аныҧсуазгьы амшқәа иҟан.  Уажәазы 1 104ҩык ачымазаҩцәа рҭагылазаашьа цәгьоуп, урҭ рҟынтә  417ҩык иҧсабаратәым аҧсыҧ лагаҩагаратә аппарат иаҿакуп.  Абри зегьы агәабзиарахьчара асектор даараӡа иақәыҕәҕәоит. Ҳара аҧкрақәа хырҩа рзуразы абжьагара ҳзыҟаҵом », — Иҳәеит Гамҟрелиӡе.

Қырҭтәыла аиҳабыра рплан инақәыршәаны, ҧхынгәы 24 инаркны икылкаау аҧкрақәа хырҩа рзыруроуп. Лымкаала, атәыла зехьынџьара ахәаахәҭратә центрқәеи аџьармыкьақәеи аадыртуеит, ақалақьтәи ақалақьбжьаратәи транспорт аусура еиҭалагоит.