«Амилаҭтә ҵысра» активистцәа Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура аҧхьа акциа мҩаҧыргоит
 «Амилаҭтә ҵысра» активистцәа Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура аҧхьа акциа мҩаҧыргоит

 «Амилаҭтә ҵысра» активистцәа Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура аҧхьа акциа мҩаҧыргоит.

Апротесттә акциа алахәылацәа ишырҳәаз ала, Америка Аҳәынҭқарратә департамент ажәахә акритикатә ҟазшьа амоуп, ажәлар уи  иадҳәаланы ргәаанагара аадырҧшыроуп.

Дара рҳәамҭала, Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура, закәандарала, аоппозициатә партиақәа рхаҭарнакцәеи рыдгылаҩцәеи ааныркылоит,  маӡала ирзыӡырҩуеит.

Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура аҧхьа еизаз ауааҧсыра ишырҳәаз ала,  иара убас,  Аҳәынҭқарратә департамент аҳәамҭаҿы иаҵшьны иазгәаҭоуп Михаил Саакашвили гәымбылџьбарала ишизныҟәо,  уи хымҧада абахҭантә дшоужьҭтәу.