Америка Украинеи даҽа 18 ҳәынҭқарреи, Қырҭтәылагьы нрылаҵаны,  2 млрд адоллар арратә цхыраара рзоунашьҭуеит
Америка Украинеи даҽа 18 ҳәынҭқарреи, Қырҭтәылагьы нрылаҵаны,  2 млрд адоллар арратә цхыраара рзоунашьҭуеит

Америка ахада Џьо Баиден иадминистрациа Украинеи урыстәылатәи агрессиа ашәарҭара иҭагыло даҽа 18 ҳәынҭқарреи, Қырҭтәылагьы нрылаҵаны,  2 млрд адоллар арратә цхыраара рзоунашьҭуеит. Американтә ацхыраара зауа аҳәынҭқаррақәа иреиуп Қырҭтәылагьы.

Агентра  Associated Press ишану ала, миллиардк адоллар Украина иазоурышьҭуеит,  егьи аҧара  – Қырҭтәылеи, Молдовеи, Албаниеи, Босниеи  Герцеговинеи, Черногориеи, Аҩадатәи Македониеи, Косовои, Хорватиеи, Бырзентәылеи, Болгариеи, Чехиеи, Естониеи, Латвиеи, Литвеи, Польшеи, Румынтәылеи, Словакиеи,  Словениеи.

Зыӡбахәы ҳәоу аҧара арҭ атәылақәа ирыцхраауеит  рхьыҧшымреи рҵакырадгьылтә акзаареи аганахьала иразцәырҵыр ҟало  ашәарҭара   аҽацәыхьчареи,  НАТО аҟны аинтеграциа арҕәҕәареи,  урыстәылатәи анырреи агрессиеи аҿагылареи аҿы.