Америка Ҳельсинктәи акомиссиа Европатәи Ахеилакахь ааҧхьара ҟанаҵеит Украинеи, Молдовеи, Қырҭтәылеи акандидат астатус ранаршьарц
Америка Ҳельсинктәи акомиссиа Европатәи Ахеилакахь ааҧхьара ҟанаҵеит Украинеи, Молдовеи, Қырҭтәылеи акандидат астатус ранаршьарц

Америка Ҳельсинктәи акомиссиа Европатәи Ахеилакахь ааҧхьара ҟанаҵеит Украинеи, Молдовеи, Қырҭтәылеи акандидат астатус ранаршьарц. Аҳәамҭа авторцәа ишырҳәаз ала, Қырҭтәылагьы Евроеидгыла алаларазы амҩатә хсаала аҭатәуп.

«Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы, урыстәылатәи агрессиеи иуадаҩу ареформақәеи шыҟазгьы,  Қырҭтәыла ауааҧсыра  евроинтеграциазы ирылшоз зегьы ҟарҵеит. Дара ибзиаҵәҟьаны аадырҧшит амҩа цқьазар, ауадаҩрақәа зегьы ишырхысуа.  Даргьы Евроеидгыла алаларазы амҩатә хсаала рыҭатәуп ҳәа ҳгәы иаанагоит. Европатәи ҳҩызцәа рахь ааҧхьара ҟаҳҵоит атәылақәа рыхҧагьы акандидат астатус ранаршьарц.  Алибералтә демократиашҟа зхы рхоу амҩа еснагь уадаҩрақәак ацуп, еснагь агәҽанызаареи, аҽазышәареи,  акомпромисси аҭахуп. Агәра ганы ҳаҟоу зыӡбахәы ҳәоу астатус арҭ атәылақәа европатәи ргәахәтәы анагӡараҿы ишрыцхраауа», — иануп Ҳельсинктәи акомиссиа аҳәамҭаҿы.

Аҳәамҭа рнапы аҵарҩит Ҳельсинктәи акомиссиа ахантәаҩы, асенатор Бен Кардини, аицхантәаҩы, аконгрессмен Стив Коени, акомиссиа алахәылацәа – асенатор Роџьер Уикери аконгрессмен Џьо Уилсони.