Цәыббра 10 рзы Ҳельсинктәи акомиссиаҿы Қырҭтәыла азҵаара иахәаҧшуеит, ашаҳаҭцәа раҳасабала иқәгылоит Саломе Зурабишвилии, Ҭинаҭин Хидашелии, Лук Кофии
Цәыббра 10 рзы Ҳельсинктәи акомиссиаҿы Қырҭтәыла азҵаара иахәаҧшуеит, ашаҳаҭцәа раҳасабала иқәгылоит Саломе Зурабишвилии, Ҭинаҭин Хидашелии, Лук Кофии

Цәыббра 10 рзы Ҳельсинктәи акомиссиаҿы Қырҭтәыла азҵаара иахәаҧшуеит атемазы „Апартниорра аҟынтә апроблеманӡа: Қырҭтәыла антиамерикатә политика“. Ари аинформациа аланарҵәеит америкатә Ҳельсинктәи акомиссиа.

Акомиссиа адырра ишану ала, азыӡырҩраан иҭырҵаауеит  „Қырҭтәыла авторитаризм ашҟа аиасра иахылҵыз аглобалтә алҵшәақәа“. Иара убас, ашаҳаҭцәа Америка аполитика авариантқәа ирыхәаҧшуеит, урҭ иреиуп  „ахьыҧшымреи аҩ-ганк хырҳагара рзаазго Америкаҟны акыраамҭалатәи аизыҟазаашьақәеи рыхьчара зҽазызкыз, Қырҭтәыла ауааҧсыра рыцхрааразы ҩ-партиактәи  MEGOBARI акт адкылара“.

Иара убас, Ҳельсинктәи акомиссиа адыррала, ашаҳаҭцәа раҳасабала аилатәарашҟа иаарыҧхьеит: „ахада Саломе Зурабишвилии, Қырҭтәыла атәылахьчара ҧасатәи аминистр Ҭинаҭин Хидашелии, Ҳадсон иинститут Европеи Евразиеи ацентр аҭҵааҩы еиҳабы Лук Кофии“.