Америка аҧшыхәратә маҵзура хада адыррақәа рыла, Урыстәыла анапхгара Украинаҿ аиадертә бџьар ахархәара ргәы иҭам
Америка аҧшыхәратә маҵзура хада адыррақәа рыла, Урыстәыла анапхгара Украинаҿ аиадертә бџьар ахархәара ргәы иҭам

Америка аҧшыхәратә маҵзура хада анапхгаҩы  Уилиам  Бернс иҳәамҭала, Владимир Путин  «агәра игом Украинаҟны аибашаьраҿы даҵахар шыҟало». Ари аинформациа аланарҵәеит  CNN.  Бернс иажәақәа рыла, аибашьра аҩбатәи афаза иаҳа ишәарҭоуп, избанзар, Владимир Путин, ари аибашьраҿы аиааира игарцаз, инапаҿы иҟоу ахархәагақәа зегьы ихы иаирхәоит.

Бернс ишиҳәаз ала, аибашьра уажәтәи афазаҿы аимак аиадертә аиҿагыларашҟа  ииасыр ауеит, аха, аҧшыхәратә маҵзура адыррақәа рыла, Урыстәыла анапхгара Украинаҿ аиадертә бџьар ахархәара ргәы иҭам.

Иара убас, Бернс ишазгәеиҭаз ала, Китаи ари аибашьра активла иацклаҧшуеит, Таиван агаразы ирымоу амбициа анагӡареи абри аҩызаҵәҟьа асценари ахархәареи иазхәыцуеит.