Америка  Амаҵзура ҷыда амчқәа «Исламтәи аҳәынҭқарра» алидер  Абу Ибрахим аль-Хашими аль-Кураши дыршьит
Америка  Амаҵзура ҷыда амчқәа «Исламтәи аҳәынҭқарра» алидер  Абу Ибрахим аль-Хашими аль-Кураши дыршьит

Америка  Амаҵзура ҷыда амчқәа, Сириа аҩада-мраҭашәараҿ аконтртеррористтә операциа қәҿиарала имҩаҧганы,  «Исламтәи аҳәынҭқарра» алидер  Абу Ибрахим аль-Хашими аль-Кураши дыршьит. Ари атәы ааицҳаит Америка ахада Џьо Баиден.

Баиден иҳәамҭала,  «Исламтәи аҳәынҭқарра» алидер аоперациа ҷыда аан дыршьит.

Reuters адыррақәа рыла, аоперациа ҷыда аан 13ҩык иреиҵамкәа иҭахеит, урҭ рыгәҭа – фҩык ахәыҷқәеи ҧшьҩык аҳәсеи.