Америка аҳәынҭқарратә департамент ахаҭарнак  - Қырҭтәылеи Урыстәылеи рыбжьара ишиашо авиаеимадара аиҭашьақәыргылара амшала Қырҭтәыла аҳаирбаҕәазақәа рҿы аилахәырақәа асанкциақәа рзышьақәдыргылар ауеит
Америка аҳәынҭқарратә департамент ахаҭарнак  - Қырҭтәылеи Урыстәылеи рыбжьара ишиашо авиаеимадара аиҭашьақәыргылара амшала Қырҭтәыла аҳаирбаҕәазақәа рҿы аилахәырақәа асанкциақәа рзышьақәдыргылар ауеит

«Қырҭтәылеи Урыстәылеи рыбжьара ишиашо авиаеимадара аиҭашьақәыргылара амшала Қырҭтәыла аҳаирбаҕәазақәа рҿы аилахәырақәа асанкциақәа рзышьақәдыргылар ауеит», — ари аҳәамҭа ҟаиҵеит Америка Аҳәынҭқарратә департамент ахаҭарнак  Ведант Патель.

Иара иажәақәа рыла,  мраҭашәаратә уаажәларра урыстәылатәи арежим ацәыхарахара ианаҿу, иарбанызаалак тәылак ала Урыстәылаҟны аизыҟазаашьақәа рырҕәҕәара иаамҭам.

«Мраҭашәаратә атәылақәа рацәа, Америкагьы урыстәылатәи аҳаирпланқәа аҳаиртә қәыҧшылара алалара азин рырҭом. Қырҭтәылеи Урыстәылеи рыбжьара ишиашо авиареисқәа еиҭашьақәдыргылар, Қырҭтәыла аҳаирбаҕәазақәа рҿы аилахәырақәа асанкциақәа рзышьақәдыргылар ауеит, ҳара уи ҳаргәамҵуеит. Мраҭашәаратә уаажәларра урыстәылатәи арежим ацәыхарахара ианаҿу, иарбанызаалак тәылак ала Урыстәылаҟны аизыҟазаашьақәа рырҕәҕәара иаамҭам.  Ақырҭуа жәлар, Урыстәылаҟны ишишо авиареисқәа реиҭашьақәыргылареи авизатә режим аҧыхреи акәымкәа,   Урыстәыла ахатә бџьармчқәа Қырҭтәыла алнагар иаҳа еиҕьаршьозар ҟалап», — иҳәеит  Ведант Патель.