Амаҵзура агентра аҟәшақәа мшаԥы 18 инаркны 21-нӡа аус руӡом, – аарыцҳаит Қырҭтәыла АҩАР аҟынтә.
„Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра Амаҵзура агентра аҟәшақәа Амшаԥныҳәа лаша инамаданы мшаԥы 18 инаркны 21-нӡа аус руӡом.
Мшаԥы 18, 19, 21 рзы Аҧышәарақәа рыҭиразы ашәҟәы иҭаҩу акандидатцәа аҧышәарақәа рымҩаҧгаразы ишьақәгылоу акалендартә 30 мшы арҭ арыцхәқәа рзацырҵоит”, – иануп агентра аинформациа аҿы.