Албаниа анапхгара Урыстәыла атәылауаа рзы авизадатә режим аҧырырхит
Албаниа анапхгара Урыстәыла атәылауаа рзы авизадатә режим аҧырырхит

Албаниа анапхгара Урыстәыла атәылауаа рзы авизадатә режим аҧырырхит.

Урыстәыла иҟоу Албаниа ацҳаражәҳәарҭа адыррала, Урыстәыла атәылауаа,  Албаниаҟа рвизит ахықәкы инақәыршәаны,  авиза аиуразы арзаҳал аларҵароуп.

Атуризм аҿиара ацхраара амзызла,  Албаниа анапхгара,  есышықәса,  лаҵара 1 инаркны цәыббра 30-нӡа авизадатә режим аҧырырхуан.

Аибашьра ианалага ашьҭахь,  Евроеидгыла,  Урыстәылаҟны имариоу авизатә режим аанкыланы,  Евроеидгыла иалоу атәылақәа рахь ааҧхьара ҟанаҵеит Урыстәыла атәылауаа иаҳа иџьбараны ирызныҟәарц. Убри анеҩс,  урыстәылатәи атуристцәа Балтиа атәылақәеи,  Финлиандиеи,  Чехиеи,  Польшеи анеира азин рымам.