Акурорт Дубровник ааигәара абнақәа амца ркит
Акурорт Дубровник ааигәара абнақәа амца ркит

Хорватиа аладатәи ахәҭаҿы, акурорт Дубровник ааигәара абнақәа амца ркит. Аихқәа рдыррақәа рыла, аԥша ӷәӷәа иахҟьаны, амца арцәарауадаҩуп.

Акурорт абылра алагеит ԥхынгәы 25 рзы. Аҭагылазаашьа цәгьоуп абнақәа рҿы 1991-1995 шш. раантәи бџьаршьҭыхлатәи аиҿагылара ашьҭахь ашьхақәа рҿы иаанхаз аминақәа рымзызла.

Петрача араион аҟынтә ауаа аевакуациа рзызуит.