Актоба ақалақь аҿы адемонстрантцәа административтә хыбра аҩналара рҽазыркит, азинхьчаҩцәа урҭ реимппаразы алаҕырӡ аазго агаз рхы иадырхәит
Актоба ақалақь аҿы адемонстрантцәа административтә хыбра аҩналара рҽазыркит, азинхьчаҩцәа урҭ реимппаразы алаҕырӡ аазго агаз рхы иадырхәит

Актоба ақалақь аҿы адемонстрантцәа административтә хыбра аҩналара рҽазыркит, азинхьчаҩцәа урҭ реимппаразы алаҕырӡ аазго агаз рхы иадырхәит. Ари атәы аанацҳаит «Арадио Ахақәиҭра» казахстантәи абиуро.

Амедиа адыррақәа рыла, акциа алахәылацәа иаха шаанӡа аҭыҧантәи администрациа ахыбра аҧхьа игылан, дара  аҭыҧантәи анапхгара ирҧылар рҭахын. Шьыжьымҭан ахыбра аҧенџьырқәа ҧҽны, аҩнуҵҟа аҩналара рҽазыркит, аха, азинхьчаҩцәа алаҕырӡ аазго агаз рхы иадырхәит.  Аҭыҧашҟа инагоуп амедицинатә цхыраара лас абригадақәа.

«Арадио Ахақәиҭра» ишаанацҳаз ала, аахақәа зауз иҟоуп. Ақалақь аҿы ауаажәларратә транспорт аусура еиҭашьақәгылоуп, аха, амобилтә аимадареи аинатернети иҧкуп. Казахстан ақалақьқәа рҿы имҩаҧысуа ахҭысқәа зныҧшуа авидеокадрқәа асоциалтә аҳақәа рҿы аларҵәара роуит. Акциақәа мҩаҧысуеит егьырҭ ақалақьқәа рҿгьы. Ауаа атәыла анапхгара рамхреи изаамҭаным апарламенттә алхрақәа рымҩаҧгареи иаҳәоит.

Ажьырныҳәа 2 рзы Казахстан апротесттә акциақәа иалагеит. Аханатә, ауааҧсыра агаз ахә ацҵара иадҳәаланы апротест ҟарҵон, нас, атәыла анапхгара рамхреи ҧасатәи ахада Нурсултан Назарбаев аполитикантә ицареи иаҳәон.

Казахстан ахада иӡбарала, атәыла аиҳабыра рнапынҵақәа шьҭарҵеит.