Актәи аканал иҭнажьуеит апопулиарра ду змоу ақырҭуа онлаин-ахәмарра   «Имариоу алогика» аверсиа ҿыц
Актәи аканал иҭнажьуеит апопулиарра ду змоу ақырҭуа онлаин-ахәмарра   «Имариоу алогика» аверсиа ҿыц

Актәи аканал иҭнажьуеит апопулиарра ду змоу ақырҭуа онлаин-ахәмарра   «Имариоу алогика» аверсиа ҿыц.

«Имариоу алогика» аверсиа ҿыц аҧҵоуп ахәмарратә индустриа ҳаамҭазтәи атендениақәа зегьы иазҧхьагәаҭаны. Аинтерфеиси ахәмарра аҧҟарақәеи иҧсахуп,  аха апринцип хада  —  2 фотоҭыхымҭак рыбжьара алогикатә аимадара аҧшаара апринцип ишыҟаз еиҧш иаанхеит.

«Арыцхәтә қәыҧшылара аҿиара азҵаара Актәи аканал азы аҵакы ду амоуп. Уи аҿар рыдыҧхьалара иацхраауеит.  «Имариоу алогика» — ақырҭуа онлаин-ахәмарра ссируп,  уи алогикатә хәыцшьа аҭахуп,  ақырҭуа бызшәа аӡыргара иацхраауеит. Ахәмарра аверсиа ҿыц ахәаҧшцәа иргәаҧхап ҳәа ҳгәыҕуеит», — илҳәеит Қырҭтәыла Актәи аканал агенералтә директор Ҭинаҭин Берӡенишвили.