Актәи аканал амобилтә ацҵа ҿыц – адырраҭара астратегиа Digital First хәҭак ауп. Иахьа, адырраҭара «Дҕис Коди» аҿы, ацҵа Mobile TV аӡыргара мҩаҧган.
Mobile TV иалоуп Актәи аканал аҿы имҩаҧысуа аҵаратәи агәырҿыхаратәи программақәа (Стоқс, Мастер-шеф, Асеанс, Аиқәырхаҧцәа, Акустика, Ранина, убас егьырҭгьы). Иара убас, уаҟа ижәбар шәылшоит асааҭ 21:00 рзы аефир аҿы иҭыҵуа адырраҭара Моамбе анонси «Ателешкол» архиви.
Адаҟьа хада аҿы ахархәаҩ ибоит иалкаау авидеонҵамҭақәеи амш авидеои — абарҭ ашҭақәа хадырҭәаауеит ацҵа аус адызуло агәыҧ алахәылацәа.
Mobile TV шәҭел иҭажәгалар шәылшоит с App Store, иара убас, Play Store ала.