Актәи аканал агенералтә директор Ҭинаҭин Берӡенишвили  Шәамахьтәыла аделегациа дырҧылеит
Актәи аканал агенералтә директор Ҭинаҭин Берӡенишвили  Шәамахьтәыла аделегациа дырҧылеит

Актәи аканал агенералтә директор Ҭинаҭин Берӡенишвили  Шәамахьтәыла аделегациа дырҧылеит. Аделегациа иалоуп АИХи атәылауаҩратә уаажәларреи  ахаҭарнакцәеи, аекспертцәеи, анагӡаратәи азакәанҧҵаратәи мчра алахәылацәеи

(ареформақәа рпланшьҭыхреи рымҩаҧгареи азы аҭак зыҧхықәу ахаҿқәа).

Асасцәа Ауаажәларратә дырраҭара астудиақәа рбеит, иара убас, иеиду аредакциа аусура апринципқәа еилыркааит.

«Қырҭтәыла Актәи аканал европатәи адырраҭарақәа рҭаацәара активла иалахәып, иреиҕьу адунеитә дырраҭарақәа аус рыцаауеит. Убри аҟынтә,  Қырҭтәыла Ауаажәларратә дырраҭара  ҳрегион аҿы европатәи аҿиара аганахьала иҿырҧшыгоуп, аҧышәа аиҭныҧсахлара апроцесс еснагь аинтерес ду аҵоуп», — илҳәеит Ҭинаҭин  Бердӡенишвили.

Авизит аҳәаақәа ирҭагӡаны, ақырҭуа медиа-експертцәеи, Акоммуникациазы акомиссиеи Жәлар рыхьчаҩ иофиси, иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәеи  ахаҭарнакцәеи рҟны  аиҧыларақәеи адискуссиақәеи мҩаҧысуеит.

Ауснагӡатә еиҿыркааит  азеиҧштәылауаҩратә ҵысра  «Амилаҭрацәаратә Қырҭтәыла»-и  Азинеиҟарара аҵаратә центри  (Шәамахьтәыла).