Акьыба ачымазара змоу апациентцәа хәыдаҧсада рхәышәтәра иалагоит
Акьыба ачымазара змоу апациентцәа хәыдаҧсада рхәышәтәра иалагоит

Агәабзиарахьчара аминистр Екатерина Тикараӡе ишылҳәаз ала, зегьирзеиҧшу агәабзиарахьчара апрограмма крызҵазкәа аҧсахрақәа алагалоуп.  Аҧсахрақәа инрықәыршәаны, акьыба ачымазара змоу апациентцәа рхәышәтәра ахәҧса аҳәынҭқарра иашәоит.

«Акьыба ачымазара змоу ауааҧсыра аҽыхәшәтәра алшара рымазарц азыҳәан,  зҵакы дуу ареформа мҩаҧгоуп.  Уажәшьҭа дара аҽыхәшәтразы акырӡа иаҳа имаҷны аҧара ршәар акәхоит.   Апациент цыҧхьаӡа есышықәса изоушьҭыз аҧаратә аицҵалыҵ  8 000 лари ала иазҳаит», — илҳәеит Екатерина Тикараӡе.