Аџьар Ҟаҧшь, Украина адгыларазы Қырҭтәыла Ауаажәларратә дырраҭара аҭабуратә аҳаҭыршәҟәы анаҭеит
Аџьар Ҟаҧшь, Украина адгыларазы Қырҭтәыла Ауаажәларратә дырраҭара аҭабуратә аҳаҭыршәҟәы анаҭеит

Аџьар Ҟаҧшь, Украина адгыларазы Қырҭтәыла Ауаажәларратә дырраҭара аҭабуратә аҳаҭыршәҟәы анаҭеит.

Ари ахҭыс инамаданы имҩаҧгаз ауснагӡатә аҿы Қырҭтәыла Ауаажәларратә дырраҭара агенералтә директор Ҭинаҭин Берӡенишвили  аҭабуратә аҳаҭыршәҟәы лылҭеит Аџьар ҟаҧшьи  Амзаҿа Ҟаҧшьи ауаажәларрақәа  жәларбжьаратәи афедерациа авице-ахада Наҭиа Лолаӡе. Аҳаҭыршәҟәы роуит  Украина имҩаҧысуа аибашьра амшала азараз зауз ауааҧсыра рыцхраара аус аҿы 2022 шықәсазы зегьы реиҳа идуу алагала ҟазҵаз аилахәырақәа.

Ҭинаҭин Берӡенишвили ишылҳәаз ала,  украинаа рыцхрааразы ателееилахәыра   700 нызқь лари аизгара алшеит.  Украинатәи аган зыӡбахәы ҳәоу аҧара роуит Аџьар ҟаҧшь ала.

«Ҳареи Аџьар Ҟаҧшьи қәҿиарала аус еицаауеит, аха, Украина аибашьра ианалага, мызқәак рыҩныҵҟа ҳусеицура иаҳа иҭбаахеит. Инақәыршәаны, 2 сааҭк рыла атәыла ауааҧсыреи абизнес-сектори  агәыҳалалратә цхыраара ҳасабала 700 нызқь лари еизыргеит. Украинатәи аган ари аҧара роуит Аџьар ҟаҧшь ала. Ҳаиҿкаарақәа мотивациак ауп ирымоу – аидгылара, ҳара еснагь уи ҳазыхиоуп. Агәра ганы сыҟоуп иҵегьы имаҷымкәа апроектқәа шынаҳагӡо», — илҳәеит Ҭинаҭин Берӡенишвили.