Аихқәа рдыррақәа рыла, Сергеи Шоигу "мраҭашәаратәи" агәыԥқәа рԥызара аԥшыхәра амҩаԥгара ирыдиҵеит
Аихқәа рдыррақәа рыла, Сергеи Шоигу "мраҭашәаратәи" агәыԥқәа рԥызара аԥшыхәра амҩаԥгара ирыдиҵеит

Урыстәыла Атәылахьчара аминистр Сергеи Шоигу “мраҭашәаратәи” агәыԥқәа рԥызара аԥшыхәра амҩаԥгара ирыдиҵеит, – аанацҳаит “Риа новости” Урыстәыла атәылахьчара аминистрра аҟынтә аинформациа ҵаҵӷәыс аҭаны.

Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра аинформациа ала, Шоигу аоперациа ҷыда ахьымҩаԥысуа азонаҿ “мраҭашәаратәи” агәыԥқәа актәи аԥызаратә пункт ахь днеин, аруаа адҵа ҿы́цқәа риҭеит.

“Мраҭашәаратәи” агәыԥқәа рԥызара адҵа роуит активтә ԥшыхәра нарыгӡарц, аӷа ипланқәа заанаҵы еилыркаарц азы”, – иазгәеиҭеит Шоигу.