Аихқәа ишаарыцҳаз ала, Махачкала азакәанхьчаҩцәа иражәылеит, аӡәы дҭахеит, ҩыџьа ахәрақәа руоит
Аихқәа ишаарыцҳаз ала, Махачкала азакәанхьчаҩцәа рганахьала ажәылара ҟалеит, аӡәы дҭахеит, ҩыџьа ахәрақәа руоит, урҭ ахәышәтәырҭахь инагоуп.
Ахәрақәа зауз азакәанхьчаҩцәа руаӡәы иԥсҭазаара ашәарҭа иҭагылоуп.
Аларҵәара зауз адыррақәа рыла, азакәанхьчаҩцәа амашьына аанкылара иақәыркит, аха ацәгьоуцәа урҭ иреихсын, ибналеит.