Аиустициа аминистрра аусзуҩ машәырла лҭахара инамаданы адашшылара ҟанаҵоит
Аиустициа аминистрра аусзуҩ машәырла лҭахара инамаданы адашшылара ҟанаҵоит

Аиустициа аминистрра аусзуҩ машәырла лҭахара инамаданы адашшылара ҟанаҵоит, – иануп аминистра аланарҵәаз аҳәамҭа аҿы.

Аҳәамҭаҿ ишану ала, ахҭыс иадҳәаланы аусԥшаара хацыркуп.

“Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрраҿ аусԥшаара хацыркуп. Аиустициа аминистрра иашьашәалоу ауснагӡатқәа зегьы мҩаԥнагоит аусԥшаара ацхыраара азы. Аиустициа аминистрра, змаршәа
ктәу азҵара иазыԥхьагәаҭаны, ауааԥсыра рахь ааԥхьара ҟанаҵоит иарбанзаалак адыррақәа раларҵәара аҟынтә рҽааныркыларц”, – иануп Аиустииа аминистрра аҳәамҭа аҿы.