Аинцидентқәа рықәҿыҭреи раԥыҟәҟәаареи рзы амеханизм аҳәаақәа ирҭагӡаны, Ергнеҭи иашьҭанеиуа аиԥылара мҩаԥысуеит
Аинцидентқәа рықәҿыҭреи раԥыҟәҟәаареи рзы амеханизм аҳәаақәа ирҭагӡаны, Ергнеҭи иашьҭанеиуа аиԥылара мҩаԥысуеит

Аинцидентқәа рықәҿыҭреи раԥыҟәҟәаареи рзы амеханизм аҳәаақәа ирҭагӡаны, Ергнеҭи иашьҭанеиуа аиԥылара мҩаԥысуеит. Аиԥылараҿ аганқәа аҵыхәҭәантәи ҩымз ирылагӡаныаҭыԥ змаз ахҭысқәа рылацәажәоит.

Аиԥылара иалагаанӡа Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура аналитикатә департамент адиректор ихаҭыҧуаҩ Иракли Анҭаӡе иҟаиҵаз аҳәамҭала,  иахьа Ергнеҭи имҩаҧысуа аиҧылараҿы ахадаратә зҵаараны иқәдыргылоит закәандарала иаанкылоу Қырҭтәыла атәылауаа рхақәиҭтәра азҵаара.

„Д-факто арежим закәандарала иҭакны ирыман 12-ҩык Қырҭтәыла атәылауаа. Урҭ рыззынтә рхы иақәиҭуп.  Аҭыԥ аман азакәандаратә бордеризациа 14 факт – Гории Қаредии амуниципалитетқәа рҿы. Иара убас Гортәи амуниципалитет иаҵанакуа Гугуҭианҭкари ақыҭаҿ аихатә гәашьқәа дыргылеит. Ари зегьы  ауаа рхы иақәиҭны аиҭаҵра иаԥырхагоуп,“, – иҳәеит аиҧылара ашьҭахь Иракли Анҭаӡе.