Аилахәыра Pfizer аҿы ишаарыцҳаз ала, анеҩстәи аҵаратә ашықәс азы COVID-19 аҽыхьчаратә вакцина рхы иадырхәар рылшоит 12 инаркны 15 шықәсанӡа зхыҵуа ахәыҷқәагьы
Аилахәыра Pfizer аҿы ишаарыцҳаз ала, анеҩстәи аҵаратә ашықәс азы COVID-19 аҽыхьчаратә вакцина рхы иадырхәар рылшоит 12 инаркны 15 шықәсанӡа зхыҵуа ахәыҷқәагьы.
CNN ари аинформациа аланарҵәеит аилахәыра авице-ахада Уилиам Грабер иҳәамҭа шьаҭас иҟаҵаны.
Грабер ишиҳәаз ала, аилахәыра аклиникатә ҧышәарақәа мҩаҧнагоит. Иара иажақәа рыла, 18 шықәсанӡа зхыҵуа ахәыҷқәа ирызку авакцина акоронавирус аларҵәара аҽыхьчаразы аҵакы ду амоуп.