Аиҳабыратә комиссиаҿ Иордан аӡиас иазааигәаны, Иаса иӡӡаахра аҭыԥ аҿы ақырҭуа культура ацентр аргылара апроект шьақәдырӷәӷәеит
Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили инапхгарала Иорданиа аҳашимиттә аҳраҿ, Иордан аӡиас иазааигәаны, Иаса иӡӡаахра аақырҭуа культура ацентр аргыларазы иааз аиабырат комиссиа иашьанеиа аилатара маган.
Аиҳабыра радминистрациаҿ имҩаԥгаз аилатәараҿ Иордан аӡиас иазааигәаны, Иаса иӡӡаахра аҭыԥ аҿы ақырҭуа культура ацентр аргылара апроект шьақәдырӷәӷәеит
Акомиссиа аусзура дахылаԥшуеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили.
Аӡиас Иордан аҿы Ақырҭуа культура ацентр ашьаҭаркра иазку аиҳабыратә комиссиа актәи аилатәара рхы аладырхәит авице-аҧыза, акультуреи, аспорти, аҿар русқәеи рзы аминистр Ҭеа Ҵулукиании, авице-аҧыза, аекономикеи иҭышәынытәалоу аҿиареи рзы аминистр Леван Давиҭашвилии, адәныҟатәи аусқәа рминистр Илиа Дарчиашвилии, аҵареи аҵарадырреи рзы аминистр Гьаргь Амилахвари, аиустициа аминистр Рати Брегаӡеи, афинансқәа рминистр Лаша Хуцишвилии, аиҳабыра радминистрациа аиҳабы Реваз Џьавелиӡеи, Алавердтәи амитрополит Давиҭ (Махараӡе), Жәыргьыҭи Цаишии рмитрополит Герасиме (Шарашениӡе), Апатриархиаҿы иҟоу ауаажәларраҟны аизыҟазаашьақәа рзы амаҵзура анапхгаҩы, адикәан Андриа (Џьаҕмаиӡе).