Аиҳабыра радминистрациа - Аҧыза-министр аҳәынҭқарра ахаҭарнакцәа ирыдиҵеит аҭыҧқәа рҿы иҟоу апроблемақәа ирласӡаны рыӡбара амзызла, аҭыҧантәи ауааҧсыра рҟны излауа ала инарҭбаау аимадара рымазарц
Аиҳабыра радминистрациа - Аҧыза-министр аҳәынҭқарра ахаҭарнакцәа ирыдиҵеит аҭыҧқәа рҿы иҟоу апроблемақәа ирласӡаны рыӡбара амзызла, аҭыҧантәи ауааҧсыра рҟны излауа ала инарҭбаау аимадара рымазарц

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили арегионқәа рҿы аҳәынҭқарра ахаҭарнакцәа – агубернаторцәа дырҧылеит.

“Аусуратә аиҧылараҿы аиҳабыра рнапхгаҩы агубернаторцәа драцәажәеит арегионқәа рҿы имҩаҧысуагьы имҩаҧгатәугьы апроектқәа ирызкны. Ишазгәаҭаз ала, аусурақәа зегьы ирласӡаны имҩаҧгатәуп. Аҧыза-министр ишиҳәаз ала, ауааҧсыра рзы зҵакы дуу апроектқәа хшыҩзышьҭра ҷыда рзутәуп, агубернаторцәа ари апроцесс аҿы ароль хада нарыгӡароуп, аиҳабыра рзы ари азҵаара аҵакы ҷыда амоуп.

Аиҧылараан, арегион цыҧхьаӡа инақәыршәаны, апроектқәа зегьы инарҭбааны ирылацәажәеит, урҭ рыбжьара – аҧыза-министр иаҧшьигаз апроект „Ирҿыцу арегионқәа” аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаҧысуа аусурақәагьы. Иара убас, амуниципалитетқәак рҿы иҟоу аҭахрақәагьы ирзааҭгылеит, урҭ иреиуп аӡыла аиқәыршәареи аҩнуҵҟатәи амҩақәеи уҳәа, аҭыҧантәи ауааҧсыра изыргәамҵуа апроблемақәа. Ишазгәаҭаз ала, ацентртәи аҭыҧантәи анапхгара хымҧада еиқәшаҳаҭны аус руроуп, уи зҵакы дуу, аҧыжәара змоу азҵаарақәа ирласӡаны рыӡбара иацхраауеит.

Иракли Ҕарибашвили аҳәынҭқарра ахаҭарнакцәа ирыдиҵеит аҭыҧқәа рҿы иҟоу апроблемақәа ирласӡаны рыӡбара амзызла, аҭыҧантәи ауааҧсыра рҟны излауа ала инарҭбаау аимадара рымазарц?” – иануп аинформациа аҿы.