Аиҳабыра радминистрациа  - Аиҳабыра рнапхгаҩы ишиҳәаз ала, атәыла анапхгара рхырхарҭа иадҳәаланы зпозициақәа еиҧшым абизнес ахаҭарнакцәа зегьы  дырҧыларц дыхиоуп
Аиҳабыра радминистрациа  - Аиҳабыра рнапхгаҩы ишиҳәаз ала, атәыла анапхгара рхырхарҭа иадҳәаланы зпозициақәа еиҧшым абизнес ахаҭарнакцәа зегьы дырҧыларц дыхиоуп

Қырҭтәыла аҧыза-министр  Иракли  Кобахиӡеи актәи авице-аҧыза, аекономикеи иҭышәынтәалоу аҿиареи рзы аминистр Леван Давиҭашвилии абизнес ду ахаҭарнакцәа ирҧылеит.

Қырҭтәыла аиҳабыра ринформациа ала, аиҧылараҿы атәылаҿ имҩаҧысуа ахҭысқәа ирылацәажәеит.

«Аҧыза-министр даҽазнык иаҵшьны иазгәеиҭеит Қырҭтәыла аиҳабыра атәыла европатәи амҩа ишазгәыку, уи лабҿаба иубарҭоуп ари ахырхарҭала иахьазы атәылаҿ иҟоу апроресс алагьы.

Аиҧылара мҩаҧган азҵаара-аҭак арежимаҿ. Аҧыза-министр абизнес азы зҵакы дуу азҵаарақәа зегьы аҭак риҭеит. Аиҳабыра рнапхгаҩы ишиҳәаз ала, атәыла анапхгара рхырхарҭа иадҳәаланы зпозициақәа еиҧшым абизнес ахаҭарнакцәа зегьы иҵегьы дырҧыларц дыхиоуп.

Аиҳабыра радминистрациаҿы имҩаҧгаз аиҧылара рхы аладырхәит  100ҩык иреиҳаны абизнесхаҭарнакцәа», — иануп Қырҭтәыла аиҳабыра ринформациаҿы.