Аҳәынҭсервисқәа рырҿиара агентра - ID акартақәеи абиометриатә атәылауаҩшәҟәқәеи змок Қырҭтәыла атәылауаа аҳәаа ахысра иаҳа ирзымариахоит
«ID акартақәеи абиометриатә атәылауаҩшәҟәқәеи змок Қырҭтәыла атәылауаа аҳәаа ахысра иаҳа ирзымариахоит. Атәыла анапынҵа ашьаҭатәи сертификатқәа ICAO астандартқәа реинаала иабзоураны аныҟәаратә документқәа рыгәрахаҵара аҩаӡара иазҳауеит», –иануп Аҳәынҭсервисқәа рырҿиара агентра аҳәамҭа аҿы.
Аҳәынҭсервисқәа рырҿиара агентра аинформациа ала, Атәылауаҩратә авиациазы жәларбжьаратәи аиҿкаара (ICAO) Агентра аҟынтә CSCA асертификатқәа аиуит, урҭ ID акартақәеи абиометриатә атәылауаҩшәҟәқәеи рхаҭара шьақәндырӷәӷәоит.
«СID акартақәеи абиометриатә атәылауаҩшәҟәқәеи змок Қырҭтәыла атәылауаа аҳәаа ахысра иаҳа ирзымариахоит“, — иазгәаҭоуп аҳәамҭа аҿы.