Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура аусуҩцәа "Исламтәи аҳәынҭқарра" гәыԥк аиҳабы Малхаз Пақсашвили дааныркылеит
Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура аусуҩцәа "Исламтәи аҳәынҭқарра" гәыԥк аиҳабы Малхаз Пақсашвили дааныркылеит

Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура Аконтртерористтә центр имҩаԥнагаз аоперациа ҷыдаан, аӡбқәҵа инақәыршәаны, атерористтә аиҿкаара “Исламтәи аҳәынҭқарра” гәыԥк аиҳабы Малхаз Пақсашвили дааныркылеит, – иануп Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура аланарҵәаз аинформациа аҿы.

“Аусԥшаара аҳәаақәа ирҭагӡаны, Аконтртерористтә центри, Қырҭтәыла апрокуратура хадеи, Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрреи еицымҩаԥыргаз ауснагӡатәқәа раан иԥшааз ашаҳаҭгақәа рыла шьақәдырӷәӷәеит ари ахаҿы 2013 шықәсазы Қырҭтәылантә Шьамтәылаҟа дышдәықәлаз, атерористтә аиҿкаара “Исламтәи аҳәынҭқарра” дшалалаз.

Иаанкылоу ахаҿы атерористтә аиҿкаара “Исламтәи аҳәынҭқарра” ачинҳаракҩцәа рҟны аимадарақәа ибжьан, гәыԥк  аҿы ниаб ипозициа ааникылон.

Аус азы аусԥшаара хацыркын ҚАЗ 328-тәи ахәҭаҷ ала – атерористтә аиҿкаара алалареи, атерористтә усзура ацхраареи”, – аарыцҳаит Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура аҟынтә.