Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура атерриториантә азакәанхьчаҩцәа џьоукы иалыргеит
Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура атерриториантә азакәанхьчаҩцәа џьоукы иалыргеит

Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура атерриториантә азакәанхьчаҩцәа аоппозициаа ракциа алахәылацәақәак иалыргеит.

Акциа алахәылацәа ражәақәа рыла, ирзеилкаауам раанкылара амзыз.

“Амилаҭтә ҵысра” алахәыла Заал Удумашвили ишааицҳаз ала, аполициа хаҭарнакцәа дәылҟан, ауаа раанкылара иалагеит.

“Анапхгара рҵыхәа ԥҵәоит, ари ауаа зегьы ирбоит, убри аҟынтә ажәылара иалагоит. Ажәлар гылан, ицәгьоу акагьы ҟарҵомызт. Ауаа рацәаны раанкылара рҭахын. Еилых ҟамҵакуа ҳаанкылара адца рымоуп ҳәа сгәы иаанагоит,” – иҳәеит Удумашвили.