Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура  - Урыстәылатәи ампыҵахалатә мчқәа рыла закәандарала иаанкылаз Гьаргь Болоҭашвили ихы дақәиҭуп, иара ацентртә напхгара изхылаҧшуа аҵакырадгьылаҿ дыҟоуп
Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура  - Урыстәылатәи ампыҵахалатә мчқәа рыла закәандарала иаанкылаз Гьаргь Болоҭашвили ихы дақәиҭуп, иара ацентртә напхгара изхылаҧшуа аҵакырадгьылаҿ дыҟоуп

Урыстәылатәи ампыҵахалатә мчқәа Хурвалеҭи ақыҭа иазааигәаны  закәандарала иааныркылаз Гьаргь Болоҭашвили ихы дақәиҭуп, иара ацентртә напхгара изхылаҧшуа аҵакырадгьылаҿ дыҟоуп. Ари атәы аарыцҳаит Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура аҟынтәи.

«Гьаргь Болоҭашвили ихақәиҭтәра апроцессаан активла ахархәара рыман Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла анаҧшратә миссиа  «Ацәаҳәа ҷыдеи», иара убас,  ацентртә напхгара рнапаҿы иҟоу егьырҭ амеханизмқәеи.

Ацентртә напхгара импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рҿы закәандарала иҭаку Қырҭтәыла атәылауаа зегьы рхақәиҭтәразы аусура нарыгӡоит», — иануп Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура адырраҿы.